Қарҭ Украина адгыларатә акциа мҩаҧысит
Қарҭ Украина адгыларатә акциа мҩаҧысит

 Активистцәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи, аоппозициатә партиақәеи Қарҭ иҟоу Украина ацҳаражәҳәарҭа аҧхьа еизан, Украина адгылара азаадырҧшит.

Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, Урыстәыла Украина ианақәмақаруа аамҭазы, Қырҭтәыла ала Украина адгылара азаарҧшра аҵакы ду амоуп. Дара ражәақәа рыла, Урыстәыла агрессиатә политика иақәыӡбоит.

Иара убас, акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабырагьы  Украина адгыларатә позициа аарҧшны, Урыстәыла агрессиатә политика иақәыӡбароуп.

Украина ацҳаражәҳәарҭа аҧхьа еизеит Қырҭтәыла иқәынхо Украинеи Беларуси ртәылауаагьы.