Девид Крамер – Қырҭтәыла ахатә ҵакырадгьылаҿ ахылаҧшра наӡа еиҭашьақәнаргылаанӡа, жәларбжьаратәи ауаажәларра Москва ақәыҕәҕәара ируалуп
Девид Крамер – Қырҭтәыла ахатә ҵакырадгьылаҿ ахылаҧшра наӡа еиҭашьақәнаргылаанӡа, жәларбжьаратәи ауаажәларра Москва ақәыҕәҕәара ируалуп

Сара сышьҭахь  Урыстәыла акәымкәа,  Қырҭтәыла аҵакырадгьылоуп иҟоу. Жәларбжьаратәи ауаажәларра Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара азхарҵар ҟалом, – иҳәеит  Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ҧасатәи ицхырааҩ Девид Крамер ампыҵахалатә цәаҳәаҿы, Оӡиси ақыҭан даныҟаз.

Иара иажәақәа рыла, Америка Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари ирыдгылоит Мраҭашәарашҟа зхы рхоу адемократиатә мҩаҿы.

Крамер иазҵааит – «Атәылаҿ анигилизм аларҵәара иаҿуп, Мраҭашәара Қырҭтәыла интересс ирымам ҳәа рҳәоит, шәара уи иахышәҳәаауеи?» – Девид Крамер  абас аҭак ҟаиҵеит: «Абраҟа аурыс агрессиа иалагеит 15 шықәса раҧхьа, уи иахьагьы инагӡоит.  Қырҭтәыла ахатә ҵакырадгьылаҿ ахылаҧшра наӡа еиҭашьақәнаргылаанӡа, жәларбжьаратәи ауаажәларра Москва ақәыҕәҕәара ируалуп».

Цәыббра 4-5 рзы Маккеин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алидерра аинститути, Џьорџь Буш иинститути, Аекономикатә политика аҭҵаара ацентри еицымҩаҧыргоит  Қарҭтәи  7-тәи жәларбжьаратәи аконференциа  «Путинизм иқәхтәуп!».