Қарҭ имҩаԥсуа акциақәа рҿы административтә ҵасла 46-ҩык ааныркылеит
Қарҭ имҩаԥсуа акциақәа рҿы административтә ҵасла 46-ҩык ааныркылеит

Қарҭ, административтә хыбрақәа раԥхьа имҩаԥсуа акциақәа рҿы административтә ҵасла 46-ҩык ааныркылеит, – ари атәы аарыцҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

“Ауааԥсыра ишырдыруа ала, Қарҭ административтә хыбрақәа раԥхьа аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуеит. Акица алахәылацәа џьоукы административтә хыбрақәа рблокирра иақәыркит, 46-ҩык административтә ҵасла иаанкылан.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа ирымоу Қырҭтәыла аконституциала аҭынчратә аизарақәеи аманифестациақәеи рзин иахьчоит. Аха “Аизараәеи аманифестациақәеи ирызку” Қырҭтәыла азакәан инақәыршәаны, административтә хыбрақәа рыҩналарҭақәа рблокирра азин рымам,”  – иануп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аҿы.