Қарҭ иҟалаз арыцҳара амшала,  афестиваль  «Аҩы амшқәа Қырҭтәылаҿ» ауснагӡатәқәа хырҧоуп
Қарҭ иҟалаз арыцҳара амшала,  афестиваль  «Аҩы амшқәа Қырҭтәылаҿ» ауснагӡатәқәа хырҧоуп

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, Қарҭ иҟалаз арыцҳара амшала,  афестиваль  «Аҩы амшқәа Қырҭтәылаҿ» ауснагӡатәқәа хырҧоуп.

«Иҭахаз аӡҕаб лҭаацәеи, луацәеи, лҩызцәеи рхьаа ду рыцеиҩаҳшоит», — иануп афестиваль аиҿкааҩцәа иҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

Ишыжәдыруа еиҧш, ампыл ҭыргарц азыҳәан аӡыршә иҭалаз хҩык ахәыҷқәа афымца рысит. Ахәыҷқәа ахәышәтәырҭашҟа инаргеит. 13 шықәса зхыҵуаз аӡҕаб Хечинашвили ихьӡ зху аклиникаҿ дыҧсит. Егьырҭ ҩыџьа ахәышәтәырҭа иҭоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусеилыргара иалагеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла  240 ахәҭаҷ ала, аобиект аҿы ашәарҭадара апҟарақәа реилагаразы.