Қарҭ ашықәсҿыцтәи арлашара аибыҭара  иалагеит
Қарҭ ашықәсҿыцтәи арлашара аибыҭара  иалагеит

Аилахәыра  „Ҭбилсервис гәыҧ“ аҳҭнықалақь еиуеиҧшым араионқәа рҿы ашықәсҿыцтәи аилиуминациақәа реибыҭара иалагеит. Аилахәыра 160ҩык раҟара аусзуҩцәа аусурақәа мҩаҧыргоит атехника ҷыдала.

Аҳҭнықалақь ахадара аинформациала,  „Ҭбилсервис гәыҧ“ адиректор Давиҭ Ҧачулиа аусурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит.

„Ақалақь зехьынџьара аусурақәа мҩаҧгатәуп, убри аҟынтә, ишаҧу ала, ашықәсҿыцтәи арлашара аибыҭара иалагоит абҵара алагамҭаз, ҧхынҷкәын агәҭаны аусурақәа хыркәшахоит.  Сынтәа алиуминациа ҿыцқәагьы аксесуарқәагьы шьақәдыргылоит“, – азгәаҭоуп ақалақь ахадара аинформациаҿы.