Қарҭ, Ареспубликатә хәшәтәырҭа абазаҿ аклиника ҿыц дыргылоит
Қарҭ, Ареспубликатә хәшәтәырҭа абазаҿ аклиника ҿыц дыргылоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура аинформациала, Аиҳабыра алахәылацәа амш аусхәаҧштә ла иазҧхьагәаҭаз 4 зҵаарак ирыхәаҧшит. Урҭ иреиун “Академик Николоз Ҟиԥшиӡе ихьӡ зху Ацентртә ауниверситеттә клиника апроект ҿыц иазку азҵаарақәа рынагӡара ауснагӡатәқәа ирызкыз” апроект.

Аиҳабыра реилатәараҿы аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аспециалистцәа реихшьаала инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аклиника жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалазаарц азыҳәан ахыбра арҽеира аҵакы амам, убри аҟынтә, ажәытә хыбра иқәхны, ареспубликатә хәыштәырҭа абазаҿы идыргылоит апрофильрацәаратә, зтехнологиа ҳараку амедицинатә усбарҭа – ареспубликатә хәышәтәырҭа ҿыц.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа ҿыц – жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалахо амультифункциатә аҳәынҭқарратә клиникаҿ 500 иреиҳаны аиарҭаҭыҧқәа еиҿыркаауеит. Иара убас, убрааҵәҟьа еиқәдыршәоит амбулаториеи 100 еиҳаны аҭыҧқәа ахьыҟало ҽынлатәи астационари. Аклиникаҿы аус адыруеит ахәыҷтәы аонко-гематологиатә центр; ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу ашьа абанк хада аадыртуеит; аҵакырадгьылаҿ еиҿыркаауеит GDP астандарт иаҵанакәа аҧҭекеи, аҵаратә қәыҧшыларақәеи, амедицинатә библиотекеи, ателемедицинатә қәыҧшыларақәеи, уб. егь.. Иара убас, ареспубликатә хәышәтәырҭа иазаанхоит ауниверситеттә клиника астатус, уи ала иазҧхьагәаҭоуп аклиникатә активраҿ иҟоу амедикцәа ринтеграциеи иашьашәалоу аинфраструктура аиҿкаареи.

Аклиникаҿ аус зуа амедицинатә персонал рзинқәа зегьы ихьчазаауеит. Агәабзиарахьчара аминистрра аҽалархәрала, аусзуҩцәа рыхәҭак еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә клиникақәа рҿы аусура иалагахьеит, егьырҭ аусзуҩцәа аџьаусҧса апакет ҷыда рзеиқәыршәоуп, уи аклиника аусзуҩцәа зегьы ирыдаргалоит. Ари апроцесс иахылаҧшуеит Аџьаус аинспекциа амаҵзура.