Ареспубликатә хәшәтәырҭа аԥҳьа гәыԥҩык аҳақьымцәа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргоит
Ареспубликатә хәшәтәырҭа аԥҳьа гәыԥҩык аҳақьымцәа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргоит

Ареспубликатә хәшәтәырҭа аԥҳьа гәыԥҩык аҳақьымцәа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргоит.

Аклиникаҿ аус зуа аҳақьымцәа Агәабзиарахьчара аминистрра акомпенсациақәа рыҭара иазкны аднакылаз аӡбара иаҿагылоит.

Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистрра Қарҭтәи Ареспубликатә хәшәтәырҭа аусзуҩцәа акомпенсациа рыҭара апроцесс аофициалла иацы иалагеит. Қарҭтәи Ареспубликатә хәшәтәырҭа аусзуҩцәа аӡбара 14 мшы ирылагӡаны ирыдыркылароуп, уи ашьҭахь иалагоит иашьашәалоу аиуристтә процедура.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа ҿыц – жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалахо амультифункциатә аҳәынҭқарратә клиникаҿ 500 иреиҳаны аиарҭаҭыҧқәа еиҿыркаауеит. Иара убас, убрааҵәҟьа еиқәдыршәоит амбулаториеи 100 еиҳаны аҭыҧқәа ахьыҟало ҽынлатәи астационари. Аклиникаҿы аус адыруеит ахәыҷтәы аонко-гематологиатә центр; ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу ашьа абанк хада аадыртуеит; аҵакырадгьылаҿ еиҿыркаауеит GDP астандарт иаҵанакәа аҧҭекеи, аҵаратә қәыҧшыларақәеи, амедицинатә библиотекеи, ателемедицинатә қәыҧшыларақәеи, уб. егь. Иара убас, ареспубликатә хәышәтәырҭа иазаанхоит ауниверситеттә клиника астатус, уи ала иазҧхьагәаҭоуп аклиникатә активраҿ иҟоу амедикцәа ринтеграциеи иашьашәалоу аинфраструктура аиҿкаареи.