Ареспубликатә хәшәтәырҭа ахаҭарнак ишааицҳаз, аԥыза-министр иҟны апродуктивтә аиԥылра мҩаԥган
Ареспубликатә хәшәтәырҭа ахаҭарнак ишааицҳаз, аԥыза-министр иҟны апродуктивтә аиԥылра мҩаԥган

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеи Ареспубликатә хәшәтәырҭа амедперсонали реиԥылара аиҳабыра радминистрациаҿ мҩаԥган.

Аиԥылара ашьҭахь ареспубликатә хәшәтәырҭа ахаҭарнак ажурналистцәа ишраиҳәазала, аԥыза-министр иҟны апродуктивтә аиԥылра мҩаԥган, аҳәарақәа ирымоу аԥыза-министр изаадырԥшит.

Аҳақьымцәа ишаарыцҳаз, иашьҭанеиуа аиԥылара уаҵәы мҩаԥгахоит.

“Уаҵәы аиԥылара шымҩаԥааго ҳаиқәшаҳаҭхеит. Уаҵәы аҩбатәи аиԥылра мҩаԥысуеит. Иахьатәи аиԥылара апродусктивтә ҟазшьа аман. Аԥыза-министр ҳара ҳзы ихьанҭоу азҵаарақәа ртәы иаҳҳәеит. Иаахтны ҳиацәажәеит, аклиникаҿ иҟоу аҭагылазаашьа иазкны изеиҭаҳҳәеит.

Уаҵәы,асааҭ ԥшьба рзы даҽазнык ҳиԥылоит“, – илҳәеит Ареспубликатә хәшәтәырҭа ахаҭарнак Нино Оҭарашвили.