Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы абҵара 7 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы Михаил Саакашвили иусӡбаратә процесс мҩаҧысуеит
Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы абҵара 7 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы Михаил Саакашвили иусӡбаратә процесс мҩаҧысуеит.
Иахьа апроцедуратә зҵаарақәа ирыхәаҧшуеит, лымкаала, аӡбаратә процесс ателетранслиациа иазкны аӡбара рыдыркылароуп.
Адукатцәа аҳәара иқәдыргылеит АИХ ахаҭарнакцәа аӡбаратә процесс аҭыхра алшара рырҭарц.
«Ишыжәбо ала, ҩажәа иреиҳаны амедиа апроцесс аҭыхразы аҳәара ҟарҵеит. Ааи, Ауаажәларратә дырраҭара аҭыхра азин арҭеит, егьырҭ изрырымҭо еилкаам. Аковид-регулиациақәа ирызкны ишәҳәаз зегьы мцуп. Егьырҭ АИХгьы апроцесс аҭыхра алшара рышәҭарц сшәыҳәоит», — иҳәеит аилатәараҿы адукат Беқа Басилаиа.
Апроцесс аҿы дыҟоуп зыӡбахәы ҳәоу аус афигурантцәа руаӡәы, Қарҭ ҧасатәи ахада Гиги Угулава.
Иара аҳәара иқәиргылеит Ауаажәларратә дырраҭара ишиашо ицо аефир аҿы аӡбаратә процесс аарҧшра азин арҭарц.
Михаил Саакашвили аӡбаратә процесс аҿы дыҟам. Апенитенциартә маҵзураҿы ишаарыцҳаз ала, иҟалар зылшо адеструктивтә хҭысқәеи иара игәабзиара аҭагылазаашьеи амшала Саакашвили аӡбарҭашҟа инагара ҟалом.