Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Каха Цискаришвили Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылас иҟаҵара иазку атәыла ахада лусҧҟа ааннакылеит
Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Каха Цискаришвили Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылас иҟаҵара иазку атәыла ахада лусҧҟа ааннакылеит

Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Каха Цискаришвили Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылас иҟаҵара иазку атәыла ахада лусҧҟа ааннакылеит.

Иара убас, аусеилыргара иалгаанӡа, атәыла ахада, Қырҭтәыла Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла ҿыц иалхразы азин лымырхит.

« 2024 шықәса ҧхынгәы 22 рзы, Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа административтә усқәа рзы аколлегиа  азашшҩы М.К. иҟынтә  аҭакҟаҵаҩы – Қырҭтәыла ахада лахь ишшыҧхьыӡ аднакылеит.

Азашшҩы М.К. Каха Цискаришвили Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылас иҟаҵара иазку атәыла ахада лусҧҟа аҧыхреи  Қырҭтәыла ахада иара  Қырҭтәыла Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылас иҟаҵара лыдцалареи  даҳәеит.

Иара убас,  азашшҩы, ишшыҧхьыӡ нагӡахарц азыҳәан,  аҳәара ҟаиҵеит аусеилыргара иалгаанӡа атәыла ахада Қырҭтәыла Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла ҿыц иалхразы (иарбанзаалак аформала) (азашшҩы ида) аконкурс амҩаҧгара азин лырымҭарц.

Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа административтә усқәа рзы аколлегиа  М.К. ишшыҧхьыӡ нанагӡеит. Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Каха Цискаришвили Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылас иҟаҵара иазку атәыла ахада лусҧҟа ааннакылеит. Иара убас, аусеилыргара иалгаанӡа, атәыла ахада, Қырҭтәыла Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла ҿыц иалхразы азин лымырхит», — иануп Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа аинформациаҿы.