Қәҭешь иҟоу Аинтервенциатә медицина ацентр агәараҿ аҧжәара ҟалеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, уаҟа агазтә баллон ҧжәеит, хыбрак еилаҳаит.
Аҭыҧаҿ аус зуа Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхратә гәыҧ аинцидент адетальқәа реилкаара иаҿуп.
Аиқәырхаратә маҵзураҿы ишырҳәаз ала, аҧжәара амшала аӡәгьы акгьы имыхьит.