Қәҭешь аоппозициаа ракциа мҩаԥган
Қәҭешь аоппозициаа ракциа мҩаԥган

Қәҭешь  имҩаԥгаз аоппозициаа рҿагыларатә акциа аҟны идҵаны иқәдыргылеит ԥасатәи ахада ихақәиҭтәра азҵаара.  Акциа аҟны иқәгылеит “Амилаҭтә ҵысра” алидер Ника Мелиеи, “Лело” алидерцәаМамука Хазараӡеи Бадри Џьаԥариӡеи, “Лело” алахәыла Анна Нацвлишвилии.

Мамука Хазараӡе иажәақәа рыла, уи апарламент аҟны акәымкәа, ажәлар рҟны дыҟазарц иӡбеит.

Иара убас, Хазараӡе ишазгәеиҭаз ала, аоппозициа ареволиуциа амҩаԥгара агәы иҭам, ареволиуциа ауаа рыгәқәа рҿы ҟалоит.

Мамука Хазараӡе иажәақәа рыла, Михеил Саакашвили, егьырҭ 600-ҩык абаандаҩцәа реиԥш, зыԥра ҟамҵакуа амедицинатә цхыраара изаарԥштәуп. Атәылаҿ аполитикатә вендетта хыркәшароуп, – иҳәеит Хазараӡе.