Иахьа Қәҭешь Гвирилоба (Адәкама аныҳәа) иазгәарҭоит
Иахьа Қәҭешь Гвирилоба (Адәкама аныҳәа) иазгәарҭоит

Иахьа, лаҵара 2 рзы  Қәҭешь Гвирилоба (Адәкама аныҳәа) иазгәарҭоит. Жәлар рныҳәа Баграт иныха аҟынтә иалагеит, аныҳәа гала-концерт ала ихыркәшоит.

Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, анапхгара ахаҭарнакцәа “Хҩык Оҭарцәа” рбаҟа ашәҭқәа ақәырҵеит.

Ақалақь агәҭаны ацәыргақәҵа-џьармыкьа еиҿкаауп, аиԥыларақәа, афорумқәа, апрезентациақәа мҩаԥысуеит.  Далырхуеит Қәҭешь пату зқәу атәылауаҩ.

Хәылбыҽхан Месхишвили итеатр аҿы Қарҭтәи асимфониатә оркестр ақырҭуа кино-фильмқәа рҟынтә ашәақәа нанагӡоит.