Прага, ауаажәларратә АИХқәа рфинансыркра аҧсахра иаҿагыло апротесттә акциа мҩаҧган
Чехиа аҳҭнықалақь Прага, Летна апаркаҿ, жәанызқьҩыла ауаа еизеит.
Адемонстрантцәа Чехиа аҧыза-министр Андреи Бабиш иеиҳабыра рплан иадҳәаланы апротест ҟарҵоит. Ари аплан инақәыршәаны, ауаажәларратә АИХқәа рфинансыркра амодель рыҧсахраны иҟоуп.
Анапхгаратә каолициа изыдгыло азакәанпроект ала, уажәы ауаажәларратә АИХқәа рфинансыркразы ахархәара змоу 9,26 адоллар есымзатәи аизгатә аҧыххоит. Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, ателееилахәыреи арадиои аҧара роуеит аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә. Аоппозициаа ргәаанагарала, абри зегьы АИХқәа рхьыҧшымра иаҧырхагахоит. Иара убас, афинансыркра дырмаҷуеит 15%-ла, убри амшала, Ауаажәларратә дырраҭара абиуџьет 2008 шықәсатәи, арадио — 2005 шықәсатәи аҭагылазаашьа иазыхынҳәуеит.
Азакәанпроект азы раҧхьатәи абжьыҭира мҩаҧгоуп, апарламентаҿ ари аинициатива ахәаҧшра нагӡахоит. Андреи Бабиш ишиҳәаз ала, аиҳабыра атәыла ауааҧсыра афинанстә ахьанҭара рықәырхыр рҭахуп.