Politico - Европатәи алидерцәа аҭнчратә аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылеи Украинеи рыбжьара 40 километрак инеиуа абуфертә ҭыԥ аиҿкаара иахцәажәоит
Европатәи алидерцәа аҭнчратә аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылеи Украинеи рыбжьара 40 километрак инеиуа абуфертә ҭыԥ аиҿкаара иахцәажәоит, – анацҳаит Politico анонимтә европатәи хәхыҵхыҭак рҟынтә аиуз адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.
Politico аинформациала, Киев ари аплан аднакыло аднамкыло идырым, избан акәзар ари ҵакырадгьылқәак мап рыцәкра ахылҵыр ҟалоилт.
Politico ишаанацҳауа ала, америкатәи аган абуфертә ҭыԥ аиҿкаара азҵаара ахцәажәара иалахәум.