Ҧхынҷкәын 2 рзы  Қырҭтәыла ақәа леиуеит, ашьхараҿ асы ауеит, ҧхынҷкәын 3 инаркны алышәшәақәа леиуам
Ҧхынҷкәын 2 рзы  Қырҭтәыла ақәа леиуеит, ашьхараҿ асы ауеит, ҧхынҷкәын 3 инаркны алышәшәақәа леиуам

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра ҧхынҷкәын 2–4  рзы амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла,  ҧхынҷкәын 2 рзы Қырҭтәыла ақәа леиуеит, ашьхараҿ асы ауеит.

Қарҭ ҧхынҷкәын 2 – 4 рзы ақәа леиуеит. Шьыбжьон  +10…+12°градус ҧхаррахоит.

«Аҟәара иаҧну арегионқәа рҿы  (Баҭымы, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ) ҧхынҷкәын 4 рзы ақәа леиует, аҧша асуеит, амшынаҿ аштом ҟалоит, ҧхынҷкәын 3 инаркны амш еилгоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла  (Зесҭафони, Қәҭешь,  Самтредиа,  Жәыргьыҭ,  Мартвили,  Озургеҭи)   ҧхынҷкәын 4 рзы ақәа леиует,  ҧхынҷкәын 3 инаркны амш еилгоит.  Шьыбжьон   +15 градус ҧхаррахоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы  (Местиа, Бахмаро) ҧхынҷкәын 2 рзы ҭыҧқәак рҿы асы леиуеит. Ҧхынҷкәын 3 инаркны амш еилгоит. Шьыбжьон  +7…+9°градус ҟалоит.