Ҧхынҷкәын 12 инаркны 14-нӡа Қырҭтәыла ақәа леиуеит, асыҭҳәеи аҧша ҕәҕәеи иазыҧшуп
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра ҧхынҷкәын 12 инаркны 14-нӡа Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынҷкәын 12 инаркны 14-нӡа Қырҭтәыла ақәа леиуеит. Ҭыҧқәак рҿы асыҭәҳәеи аҧша ҕәҕәеи иазыҧшуп. Амҩақәа рҿы аҵаахшәыла ҟалоит. Амшынаҿ 4–5 балл ашторм ҟалоит.
Асоура дуи, алаҧшбара ацәгьахареи, аҵаахшәылеи, асыҭәҳәеи рымшала, автомобилтә мҩа цыҧҵәахақәак рҿы атранспортә аиҭаҵра аанкылахоит.