Петер Фишер - Қырҭтәыла Евроеидгыла алалар, даара сгәы иаахәоит
Петер Фишер - Қырҭтәыла Евроеидгыла алалар, даара сгәы иаахәоит

Қырҭтәыла Евроеидгыла алалар, даара сгәы иаахәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, Ахәмарраҿ аиааира агарц азы Европа Қырҭтәыла ацхраауеит.

“Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара шаҭаху аҳәамҭа ҟанаҵеит. Ари ҟалар, ҳара даара ҳаигәырӷьоит. Уажәы ари алшара Қырҭтәыла анапаҿы иҟоуп. Қырҭтәылазы Евроеидгыла алалара иприоритету зҵааразар, ари атемазы аконцентрациа ҟанаҵароуп. Европа аплиуралисттә демократиатә тәылақәа ракзаароуп, убри азоуп Европатәи ахеилак Қырҭтәыла 12 пункт рыла ишьақәгылоу арекомендациақәа изанаҭаз. Арекомендациақәа рынагӡара ашьҭахь, акандидат статус ҳахцәажәоит. Ари ашьҭахь, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларц азы, имариам амҩа алагоит,” – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.