Пекин 2022 | Анастасиа Губанова жәеизатәи аҭыԥ аанылкылеит [авидео] #1TVSPORT
Пекин 2022 | Анастасиа Губанова жәеизатәи аҭыԥ аанылкылеит [авидео] #1TVSPORT

Пекин 2022 шықәсатәи аӡынтәи аолимпиадаҿ иахьа ихыркәшеит аҵаақәшьқьраараҿ аҳәса рыбжьара зхы иақәиҭу апрограмма. Аолимпиадаҿ Қырҭтәыла ахьӡала дықәгылн Анастасиа Губанова. Лара зхы иақәиҭу апрограммаҿ 135.58  лоуит, инеизакны 200.98. Убри ала лара жәеизатәи аҭыԥ аанылкылеит.

Қырҭтәыла ахьӡала иқәгылаз Мариа Казаковеи Гиорги Ревиеи 67.08 балл роуеит, зхы иақәиҭу апрограммаҿ – 164.33 балл, уи ала ақырҭуа спортсменцәа 19-тәи аҭыԥ ааныркылеит.