Ақырҭуа ашәаҩаныҟәаҩцәа Пекин имҩаҧысуа аӡынтә Олимпиадашҟа идәықәлеит  #1TVSPORT
Ақырҭуа ашәаҩаныҟәаҩцәа Пекин имҩаҧысуа аӡынтә Олимпиадашҟа идәықәлеит  #1TVSPORT

Ақырҭуа ашәаҩаныҟәаҩцәа, «Пекин-2022» алицензиантцәа Нино Ҵиклаурии Сосо Џьаҧариӡеи, разыҟаҵаҩ Иван Нардии Пекин  имҩаҧысуа аӡынтә Олимпиатә хәмаррақәа рҽалархәразы иахьа Китаиҟа идәықәлеит.

Нино Ҵиклаури иҧшьынтәи Олимпиатә хәмаррақәа лхы рылалхәоит, Сосо Џьаҧариӡе раҧхьаӡа акәны аолимпиатә лицензиа иоуит.

Пекин  XXIV-тәи Аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа мҩаҧысуеит жәабран 4 инаркны 20-нӡа. Нино Ҵиклаури дықәгылоит жәабран  7-9 рзы, Сосо Џьаҧариӡе — жәабран  13-16 рзы.

Пекин имҩаҧысуа Аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҟынтә ишиашо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы.