Павел Ҳерчински  - Қырҭтәыла авице-аҧыза Евроеидгыла  27 ҳәынҭқаррақәа рыхьӡала иаҳҳәеит  Урыстәылаҟны ишиашо аҧыррақәа рыдкылара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ҳшаргәамҵуа
Павел Ҳерчински  - Қырҭтәыла авице-аҧыза Евроеидгыла  27 ҳәынҭқаррақәа рыхьӡала иаҳҳәеит  Урыстәылаҟны ишиашо аҧыррақәа рыдкылара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ҳшаргәамҵуа

 

Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара ишиашо аҧыррақәа реиҭашьақәыргылара иазкны авице-аҧыза Леван Давиҭашвили гәаартыла ҳиацәажәеит. Сара Қырҭтәыла анапхгара Евроеидгыла апозициа дсырдырырц исыдырҵеит. Қырҭтәыла авице-аҧыза Евроеидгыла  27 ҳәынҭқаррақәа рыхьӡала иаҳҳәеит  Урыстәылаҟны ишиашо аҧыррақәа рыдкылара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ҳшаргәамҵуа, – иҳәеит Қырҭәтыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински.

„Аиҧылараҿы исыцын уажәы Қарҭ иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәа зегьы. Ҳара иаҳҳәеит  Урыстәылаҟны ишиашо аҧыррақәа рыдкылара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара  Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа зегьы,  27 ҳәынҭқаррақәа еицҿакны ирыдыркылаз аӡбара ишаҿагыло.  Евроеидгыла аҳәынҭқаррақәа зегьы Урыстәылаҟа, иара убас, Урыстәылантә ишиашо аҧыррақәа ааныркылеит.  Урыстәыла ари аӡбара ганкала ирыдыркылеит, уи иашоуп, аха, Қырҭтәыла аиҳабыра уи иақәшаҳаҭхеит.  Убри аҟынтә, сара  исыдырҵеит Қырҭтәыла анапхгара  ари азҵаара иадҳәаланы Евроеидгыла апозициа дсырдырырц“, – иҳәеит Ҳерчински.