Павел Герчински иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла апарламент аднакылаз "Адырраҭара иазку азакәан" астандартқәа ирышьашәалоуп
Павел Герчински иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла апарламент аднакылаз "Адырраҭара иазку азакәан" астандартқәа ирышьашәалоуп

Ажәеи агәаанагара аарԥшреи рхақәиҭра  Евроеидгылазы ашьаҭатәи аилкаароуп, аха аамҭакала иконкрету лимитқәа шьақәыргылатәуп, ҷыдала ари зықәра наӡам ахаҿқәеи ацәымӷара абызшәеи раԥырҟәҟәаара ҳанахцәажәо, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнак Павел Герчински.

Павел Герчински иажәақәа рыла, Евроеидгыла аудиовизуалтә системақәа ирҿыцу рдиректова амоуп.

“Ари даараӡа знырра ҳараку зҵаароуп, аихқәеи, ажәа ахақәиҭреи, зықәра имнеиӡацт ахаҿқәа рыхьчареи ацәымӷара абызшәеи рыбжьара ацәаҳәа алдара имариам. Ари аудиовизуалтә директива астандартқәа шьақәнаргылоит, аха Евроеидгыла иалоу атәылақәа, иконкрету аҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, арҭ астандартқәа рхархәаразы аихатырра рымоуп. Қырҭтәылеи ҳареи аус еицаауеит ари адирективеи уажәааны ирыдыркылаз азакәани еизааигәахарц азы“, – иҳәеит Герчински.