Павел Герчински - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ирзеиԥшу ахәынаӡарақәа реиқәыршәараҿы ахадаратә роль нарыгӡоит
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ирзеиԥшу ахәынаӡарақәа – адемократиеи, ахақәиҭреи, азакәан аиҳаӡаареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи реиқәыршәараҿы ахадаратә роль нарыгӡоит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рроль асоциалтә сервисқәа рхырхарҭаҿ аҵак ҷыда амоуп.
“Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ирзеиԥшу ахәынаӡарақәа – адемократиеи, ахақәиҭреи, азакәан аиҳаӡаареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи реиқәыршәараҿы ахадаратә роль нарыгӡоит. Аиҳабыра рмониторинг ахырхарҭала иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа инарыгӡо ароль иаобанзаалак адемократиазы ихадоу елементуп. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рроль асоциалтә сервисқәа рхырхарҭаҿ аҵак ҷыда амоуп.
Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс аҿы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ралагала дууп. Урҭ русзура аполитикатә лидерцәеи атәылауааи рыбжьара зда ԥсыхәа иҟам ацҳоуп“, –иҳәеит Герчински.