Павел Герчински  - Европарламент алахәылацәа рхы иақәиҭны ргәаанагара рҳәар рылшоит,  аха, Евроеидгыла апозициа ҳлидерцәа аадырҧшит
Павел Герчински  - Европарламент алахәылацәа рхы иақәиҭны ргәаанагара рҳәар рылшоит,  аха, Евроеидгыла апозициа ҳлидерцәа аадырҧшит

Европарламент алахәылацәа рхы иақәиҭны ргәаанагара рҳәар рылшоит, Евроеидгыла апозициа ҳлидерцәа аадырҧшит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински ажурналистцәа данрацәажәоз.

Герчински Европарламент арезолиуциаҿы Ана Фотига лыҳәарала иҟаҵаз ариашарақәа ирызкны иазҵааит, арҭ ариашарақәа рыла, Фотига Саломе Зурабишвили лахь ааҧхьара ҟалҵоит Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәылхырц.

„Европарламенти уи алахәылацәеи рхы иақәиҭуп, рхы иақәиҭны ргәаанагара рҳәар рылшоит.  Дара рылхыҩцәа  рҿаҧхьа аҭак рыҧхықәуп. Европарламент Евроеидгыла аинститутқәа иреиуп, ҳара ажәа ахақәиҭра пату ақәаҳҵоит. Евроеидгыла апозициа интересс ишәымазар, уи ҳлидерцәа аадырҧшит.  Ҳара ҧасатәи ахада Михаил Саакашвиил игәабзиара аҭагылазаашьа ҳшыҩзышьҭрала ҳацклаҧшуеит. Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит  абаандаҩы иаҳасабала изинқәа зегьы рыхьчарц. Ҳәарада, Қырҭтәыла анапхгара,  Евроеидгыла иарбанзаалак аформала ари апроцесс иалахәызар  рҭаххар, уигьы ҳазыхиоуп.  Европарламентаҿ иҟалаз ахҭыс Европарламент аинициативоуп“, – иҳәеит Павел Герчински.