Парижтәи авокзалаҿ иҟалаз бџьартә ажәыларааан фҩык аахақәа роуит
Парижтәи авокзалаҿ иҟалаз бџьартә ажәыларааан фҩык аахақәа роуит

Парижтәи авокзалаҿ иҟалаз бџьартә ажәыларааан фҩык аахақәа роуит, урҭ руаӡәы иҭагылазаашьа цәгьоуп.

Зыхьӡ дырым  хаҵак абџьар хьшәашәала ауаа дрықәлеит, ақәлара амзызқәа макьана еилкаам.

Азинхьчаҩцәа ақәлаҩ иеихсны дааныркылеит. Иара ахәрақәа рацәа рыла ахәышәтәырҭашҟа днагоуп.