Париж имҩаԥысыз аҿагыларатә акциаҿ алахәылацәеи азакәанхьчаҩцәеи еиҿагылеит
Париж имҩаԥысыз аҿагыларатә акциаҿ алахәылацәеи азакәанхьчаҩцәеи еиҿагылеит

Париж имҩаԥсысыз аҿагыларатә акциақәа рылахәылацәеи азакәанхьчаҩцәеи еиҿагылеит. Акциа алахәылацәа Европарламент ахь алхрақәа рҿы Франциа ультраарӷьаратәи мчқәа риааира иазкы заанаҵтәи адыррақәа иаҿагылоит.

Аҿагыларатә акциа  алахәылацәеи азакәанхьчаҩцәеи еиҿагылеит. Азакәанхьчаҩцәа алаӷырӡаагага агаз рхы иадырхәит.

Европарламент ахь алхрақәа рҿы Марин Ле Пен лпартиа “Амилаҭтә аидҵара” (RN) абжьқәа 30% аиуит, Франциа ахада Еммануель Макрон ипартиа – 14.6%. Европарламент ахь алхрақәа рылҵшәақәа рцәыргара ашьҭахь, Еммануель Макрон изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгара аӡбара идикылеит.