Паата Имнаӡе  - Иааиуа амзазы Қырҭтәыла  "омикрон" аларҵәара иалагар ҟалоит
Паата Имнаӡе  - Иааиуа амзазы Қырҭтәыла  "омикрон" аларҵәара иалагар ҟалоит

«Иааиуа амзазы Қырҭтәыла  “омикрон” аларҵәара иалагар ҟалап», – иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡе.

«Адунеи аҿы иҟоу зегьы, знымзар зны Қырҭтәылагьы иҟалоит. Иааиуа амзазы Қырҭтәыла  “омикрон” аларҵәара иалагар ҟалап. Ҳара есымша аҭагылазаашьа ҳацклаҧшуеит,  ҳтәылаҿы  “омикрон” макьана аарҧшым, аха, уи хымҧада, ҳара ҳҿгьы аларҵәара иалагоит.   Иацы аҵыхтәантәи аҭҵаарақәа рылҵшәақәа цәырган. AstraZeneca  2 дозаки  Pfizer дозаки  71% ахьчара еиқәдыршәоит, авакцина  Pfizer 3 дозак  75%-ла ауаҩы дахьчоит. Китаитәи авакцинақәа ирызку аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа макьана ицәыргам.

Аинфекциа аҽыхьчара ҳҭахызар, хымҧада асабрадақәа ҳҿазароуп, ачымазара ҳацәцар ҳҭахызар, авакцина ҟаҳҵароуп», — иҳәеит Имнаӡе.