Паата Имнаӡе – Ауааҧсыра рыхәҭак ачарҳәара атеориа агәра ргоит, убри аҟынтә, абри ахырхарҭала аусура ҳарҭбаароуп
«Имҩаҧаагаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, до 22% ауааҧсыра авакцина ҟарҵар рҭахым, 20% авакцина ҟарҵоу иҟарымҵоу макьана ирымӡбацт, 55 инаркны 60%-нӡа ауааҧсыра авакцинациа иақәшаҳаҭуп», — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡе Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭа «Амш ҿыц» аҿы.
Иара иажәақәа рыла, асоциалтә аҳақәа рҿы авакцина иазкны ииашам аинформациа аладырҵәоит, убри амшала, ауааҧсыра рыхәҭак авакцина ҟарҵар рҭахым. Паата Имнаӡе ишиҳәаз ала, ауааҧсыра ргәаанагара рыҧсахырц азыҳәан, абри ахырхарҭала аусура ирҭбаатәуп.
«Асоциалтә аҳақәа рҿы ииашам аинформациа аладырҵәоит, ауаа ачарҳәара атеориа шыҟоу агәра ргоит. Уи даараӡа ҳаргәамҵуеит. Убри аҟынтә, шәара шәыцхыраара ала, ауаа аинформациа иашеи авакцина иазкны инарҭбаау аилыркаарақәеи рыҭатәуп», — иҳәеит Паата Имнаӡе.