Паата Бурчуладзе – Анҵәа иумҳәан аха, дара убранӡа аҭагылазаашьа наргоит, Непал  иҟоу абраагьы иҟалартә еиԥш
Паата Бурчуладзе – Анҵәа иумҳәан аха, дара убранӡа аҭагылазаашьа наргоит, Непал  иҟоу абраагьы иҟалартә еиԥш

«Анҵәа иумҳәан аха, дара убранӡа аҭагылазаашьа наргоит, Непал  иҟоу абраагьы иҟалартә еиԥш.  Ҳара уи ҳҽацәыхьчароуп, мамзар, убасҵәҟьа иҟалоит», — иҳәеит аҵысра  «Русҭавели имҩаду» алидер  Паата Бурҷулаӡе.

Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгара иахьаҵәҟьа Леван Хабеишвилии Мурҭаз Зоделавеи иоурыжьҭыр рзеиҕьуп.

«Дара ишҧсыҽу, Қырҭтәыла зегьы ишырҿагыло рдыруеит, убри азоуп арепрессиақәа зымҩаҧырго. Аха, ари абиҧара рзааныркылом. Леван Хабеишвилии Мурҭаз Зоделавеи иахьаҵәҟьа иоурыжьҭыр рзеиҕьуп. Жьҭаара 4 рзы аҽазыҟаҵара ҳаҿуп. Ҳәарада, Леван иҟамзаара ҳҧырхагахоит. Аха, егьи аганахьала, ауааҧсыра зегьы лабҿаба ирбеит арҭ ауаа уаҳа минуҭкгьы рааныжьра шыҟамло.  Жьҭаара 4 рзы ҭынч акциа мҩаҧаагар ҳҭахын, аха, уажәшьҭа иҟало сыздырӡом.   Анҵәа иумҳәан аха, дара убранӡа аҭагылазаашьа наргоит, Непал  иҟоу абраагьы иҟалартә еиԥш.  Ҳара уи ҳҽацәыхьчароуп, мамзар, убасҵәҟьа иҟалоит», — иҳәеит аҵысра  «Русҭавели имҩаду» алидер  Паата Бурҷулаӡе.