Осло, уахынлатәи клубк аҿы иҟалаз ахысраан ҩыџьа ҭахеит, 14-ҩык ахәрақәа роуит
Осло, уахынлатәи клубк аҿы иҟалаз ахысраан ҩыџьа ҭахеит, 14-ҩык ахәрақәа роуит

Осло, уахынлатәи клубк аҿы иҟалаз ахысраан ҩыџьа ҭахеит, 14-ҩыкахәрақәа роуит. “Роитер” аинформациа ала, ари атәы аанацҳаит аҭыԥантәи полициа.

Иҟоу адыррақәа рыла, азакәанхьчаҩцәа ацәгьауҩы дааныркылеит

„Акгьы зхарам ауаа рықәлара ауаҩытәыҩа иҟазшьа иацәтәым хҭысуп. Ари афакт амзызқәа макьара иаҳдыруам,аха ауааԥсыра раҳҳәар ҳҭахуп – ҳшәывагылоит”, – иҳәеит Норвегиа аԥыза-министр Ионас Шторе.