Оливер Варҳеи – Ҳара  Мрагыларатә партниорра арегион аҿы аекономикатә ҭагылазаашьа аиҭашақәыргылара апроцесс   17 миллиард  евро алаҵара ҳазыхиоуп, ҳара Қырҭтәыла аекономика арҕәҕәара ауп хықәкыс иҳамоу
Оливер Варҳеи – Ҳара  Мрагыларатә партниорра арегион аҿы аекономикатә ҭагылазаашьа аиҭашақәыргылара апроцесс   17 миллиард  евро алаҵара ҳазыхиоуп, ҳара Қырҭтәыла аекономика арҕәҕәара ауп хықәкыс иҳамоу

Ҳара  Мрагыларатә партниорра арегион аҿы аекономикатә ҭагылазаашьа аиҭашақәыргылара  апроцесс 17 миллиард  евро алаҵара  ҳазыхиоуп,  — иҳәеит Аигәылара аполитикеи  арҭбаареи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла акомиссар Оливер Варҳеи аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз апрессконференциа аан.

«Мышқәак раҧхьа,  ҳара Евроеидгылаҿы ицәыраагеит Мрагыларатә аигәылара иазку амбициатә аекономикатәи аинвестициатәи план. Абри арегион аекономикатә ҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылара апроцесс  17 миллиард  евро алаҵара  ҳазыхиоуп.  2,3 миллиард  евро агрант асахьала ираҳҭоит, егьи аҧара  — апроектқәеи жәларбжьаратәи афинанстә институтқәа иҟынтә  аинвестициақәеи рсахьала.

Ҳара,   акоронавирус апандеми ашьҭахь,  агәылара иҟоу атәылақәа рекономикатәи рсоциалтәи ҭагылазаашьа аиҕьтәраҿы рыцхраареи Қырҭтәыла аекономика арҕәҕәареи ауп хықәкыс иҳамоу — иҳәеит Варҳеи.

Еврокомиссар ишиҳәаз ала,  аплан инақәыршәаны,  Қырҭтәыла  3,9 млрд. евро еиҵамкәа аинвестициа аиур алшоит.

«Уи автомобилтә мҩақәеи аихамҩеи реиҭашьақәыргылареи Амшын еиқәа аҿы макьана ахархәара змам апотенциал ахархәареи  иазкызаауеит. Абарҭ аспектқәа зегьы Қырҭтәыла аекономика арҕәҕәара иацхраауеит.

Ҳара Қырҭтәыла алшара аҳҭоит етапқәак ирхыҧаны, уажәазы Евроеидгыла иахьыҟоу аетап аҿы иҳадларц. Аплан инақәыршәаны, Қырҭтәыла  3,9 млрд. евро еиҵамкәа аинвестициа аиур алшоит. Абри ацхырааратә пакет дууп,  аха,  аамҭакала,  ҳазынтәгьы ҳзы аҳасабтә дууп. Ҳара аусеицура ҳақәшәоит,  абри зегьы наҳагӡарц азыҳәан аџьабаа ду ҳбар акәхоит», — иҳәеит Варҳеи.