Оливер Варҳеи Қырҭтәылаҿ ивизит иалагеит
Оливер Варҳеи Қырҭтәылаҿ ивизит иалагеит

Қырҭтәыла аусуратә визитла даҭааит Европа агәыларатә политикеи арҭбаареи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура аинформациала, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ еврокомиссар Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Џьанџьалиеи Евроеидгыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Вахтанг Махароблишвилии иԥылеит

Ҩымштәи авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны планқәа ирылоуп Қырҭтәыла аԥыза-министри еврокомиссари реиԥылара, иара убас Варҳеи анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи напхгара хаҭарнакцәеи дырԥылоит.

Аиԥылара ашьҭахь аиҳабыр арадминистрациаҿ И