Оливер Варҳеи - Қырҭтәыла Евроеидгыла аҭаацәара алалара ақәнагоит, Евроеидгылахь амҩан адгылара аиуеит
Қырҭтәыла Евроеидгыла аҭаацәара алалара ақәнагоит, Евроеидгылахь амҩан адгылара аиуеит, – Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҟны аиԥылара ашьҭахь асоциалтә каҭаҿы иҩит Европатәи агәыларатә политикеи арҭбаара азҵаарақәеи рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи.
„Аҧыза-министр Ҕарибашвили иҟны аиԥылара бзиа мҩаԥаагеит. Ҳара 12 абжьагарақәа ирыдҳәаланы аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ҳрыхцәажәеит. Қырҭтәыла агәақәкра ахәшьара бзиа аҭоуп. Қырҭтәыла Евроеидгыла аҭаацәара алалара ақәнагоит, Евроеидгылахь амҩан адгылара аиуеит“, – иҩит Варҳеи.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Бриуссель ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Европатәи агәыларатә политикеи арҭбаара азҵаарақәеи рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи диҧылеит. Бриуссель авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аиԥылараҿ Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара апроцесс иахцәажәеит.