Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иазкыз Европа ахеилак аӡбара иҳамҭаӡам, шәыжәлари шәнапхгареи ари қәнагала шәоуит, – иҳәеит еврокомиссар Оливер Варҳеи ацҳаражәҳәаҩцәа рконфренциа аартраҿы данықәгылоз.
Варҳеи иажәақәа рыла, Евроеидгылашҟа иманшәаланы ацара нагӡахароуп.
Еврокомиссар ишазгәеиҭаз ала, ареформақәа рынагӡарала, Қырҭтәыла иацҵаны аекономикатә ахырҳагақәа аиуеит.
„Евроеидгыла аекономикатә партниорра аҵкыс еиҳауп. Уи аҭынчратә проектуп, адемократиеи ахақәиҭреи рыхьчагоуп. 2024 шықәса ихадароу шықәсхоит. Шәтәылаҿ алхрақәа мҩаԥгахоит, агеополитикатә ааԥхьарақәагьы маҷхом. Акомиссиа аҳасабырбаҿ иаарԥшу жәшьаҿак рынагӡарала, ҳара Евроеидгыла амҩаҿ Қырҭтәылаҟны аусеицура наҳагӡоит. Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара атәуп. Ақәҿиарақәа ишәзеиӷьасшьоит”, – иҳәеит Варҳеи.