Оливер Варҳеи - Евроеидгылахь амҩаҿ ҳара Қырҭтәыла адгылара наҳагӡоит
Оливер Варҳеи - Евроеидгылахь амҩаҿ ҳара Қырҭтәыла адгылара наҳагӡоит

Евроеидгылахь амҩаҿ ҳара Қырҭтәыла адгылара наҳагӡоит, – иҩит “Твиттер” аҿы европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи.

Варҳеи иажәақәа рыла, Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак аҿы Европатәи ахеилак 2023 шықәса ԥхынҷкәын азы аднакылаз аӡбара иашьҭанеиуа аетап иахцәажәоит.

„Иахьа Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак аҿы Европатәи ахеилак 2023 шықәса ԥхынҷкәын азы аднакылаз аӡбара иашьҭанеиуа аетап ҳахцәажәоит. Арҭбаара иазкы 2023 шықәсатәи аҳасабырба абжьагарақәа рҿы иаарԥшу жәшьаҿак нагӡатәуп. Евроеидгылахь амҩаҿ ҳара Қырҭтәыла адгылара наҳагӡоит“, – иҩит Варҳеи.