Оливер Варҳеи – Агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыц иазҧхьагәаҭаны Евроеидгыла арҭбаара апроцесс ирццактәуп, иахьазы арҭбаара азҵаара Евроеидгыла ахадара 3 приоритетк ирыҵанакуеит
Оливер Варҳеи – Агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыц иазҧхьагәаҭаны Евроеидгыла арҭбаара апроцесс ирццактәуп, иахьазы арҭбаара азҵаара Евроеидгыла ахадара 3 приоритетк ирыҵанакуеит

«Арҭбаара азҵаара Евроеидгыла ахадара 3 приоритетк ирыҵанакуеит,  уи иаҵанакәа рацәоуп,  уи иаанагоит арҭбаара апроцесс ирласны имҩаҧысуеит ҳәа, ҳара  шықәсыкала  3 кандидатк ҳауит: Украинеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи. Европатәи ахеилак даҽа тәылак, Қырҭтәыла европатәи аперспектива анаҭеит, ари атәылагьы кандидатхар ауеит», — иҳәеит европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар  Оливер Вархеи.

Мрагыларатә Адгьылбжьарамшыни  Алада-Мрагыларатә Европеи аконференциаҿы Варҳеи ишиҳәаз ала,  арҭбаара арццакра иалагоит аинтеграциа арццакрала.

«Агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыц иазҧхьагәаҭаны, Евроеидгыла арҭбаара апроцесс ирццактәуп, ҳара ҳазынтәгьы уи ҳақәшаҳаҭуп.  Акомиссиа Евроеидгыла арҭбаара иақәшаҳаҭуп.  Ҳара ари азҵаара  еиҭах амш аусхәаҧштә  алагаларазы  аус аауан, уажәы шәара лабҿаба ижәбоит ари азҵаара Евроеидгыла ахадаратә 3 приоритетк ишрыҵанакәа», — иҳәеит  Вархеи.