Олаф Шольц - Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи, мраҭашәаратә Балканқәа ртәылақәеи рыла Евроеидгыла арҭбаара аҵак ду амоуп
Олаф Шольц - Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи, мраҭашәаратә Балканқәа ртәылақәеи рыла Евроеидгыла арҭбаара аҵак ду амоуп

Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи, мраҭашәаратә Балканқәа ртәылақәеи рыла Евроеидгыла арҭбаара аҵак ду амоуп, – აЕвропарламент аҿы ақәгылараан иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц.

Германтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, агеополитикатә Европа агәылацәа анаҭаз ажәа анагӡара ала ахәшьара аҭатәуп.

Олаф Шольц иҳәамҭала, “Евроеидгыла Европа ду иазкны аӡбара аднакылеит, ари Украинеи, мраҭашәаратә Балканқәеи, Молдовеи, наҟ-наҟ Қырҭтәылеи ирыдҳәалоуп.

„Европа ахәҭас шәҟалар ҳҭахуп”, – иҳәеит Олаф Шольц.