Олаф Шольц - Путин, Украина ицо аибашьраҿ аиааира агара шилымшо иазхеиҵароуп
Олаф Шольц - Путин, Украина ицо аибашьраҿ аиааира агара шилымшо иазхеиҵароуп

Путин, Украина ицо аибашьраҿ аиааира агара шилымшо иазхеиҵароуп, – иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц Ниу-Иорк, ЕАР Ассамблеиа хада 77-тәи асессиа адебатқәа раартраҿ данықәгылоз.

Германтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Украинаҟны Путин имҩаԥиго аибашьрала аимпериализм архынҳәра Европазы мацара акәым, аглобалтә ҵасқәа шьаҭас измоу аҭынчразы икатастрофахоит.

Шольц ишазгәеиҭаз ала, Берлин, жьҭаара 25 рзы Украина аиҭашьақәыргылара иазку аконференциа мҩаԥгахоит.

“Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго ампыҵахаларатә аибашьра ариашара ҟалом. Ахада Путин ари аибашьра хықәы заҵәык анагӡаразы мҩаԥигоит – уи Украина анапаҿы аагара иҭахуп. Аполитикатә хьыԥшымра иара изы акгьы иаанагом. Ари аимпериализмуп. Аимпериализм архынҳәра Европазы мацара акәым, аглобалтә ҵасқәа шьаҭас измоу аҭынчразы икатастрофахоит”, – иҳәеит Шольц.