Оҭар Шамугиа – Ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп, афатәаалыҵ  аҭаҵәах аҟаҵара ахымҧадара иҟам
Оҭар Шамугиа – Ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп, афатәаалыҵ  аҭаҵәах аҟаҵара ахымҧадара иҟам

«Ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп, афатәаалыҵ  аҭаҵәах аҟаҵара ахымҧадара иҟам, заанаҵы афатәаалыҵ аахәара аҭахым», — иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Оҭар Шамугиа.

«Ишәгәалашәозар ҟалап, апандемиа ианалагозгьы ауаа заанаҵы афатәаалыҵ аахәара иалагеит, убри амшала адәқьанқәа рҿы тауарқәак маҷхеит. Ауааҧсыра срыҳәар сҭахуп заанаҵы афатәаалыҵ аахәара иаҟәыҵырц, уи еиҧш ахымҧадара иҟам, избанзар ҳуааҧсыра ирызхааша аҭаҵәах ҳамоуп», — иҳәеит Оҭар Шамугиа.

Аминистр ишиҳаз ала, аҭаҵәах ахартәаара мҩаҧысуеит абжьааҧнытә режим аҿы.