Норвегиантә иқәырцоит Урыстәыла ацҳаражәҳәара 15-ҩык аусуҩцәа
Норвегиантә иқәырцоит Урыстәыла ацҳаражәҳәара 15-ҩык аусуҩцәа

Норвегиантә дәылырцоит Урыстәыла ацҳаражәҳәара 15-ҩык аусуҩцәа. Норвегиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, персона  нон-гратас иԥхьаӡоуп 15-ҩык аурыс дипломатцәа, урҭ “рдипломатиатә статус ианаалом аусзура ирхарадырҵоит”.

Аофициалтә Осло аинформациа ала, аурыс дипломатцәа Норвегиа зыԥшра ҟамҵакәа иқәҵроуп.

Норвегиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрессрелиз аҿы ишану ала, “ари аӡбамҭа ирыдыркылеит Европаҿ ашәарҭадара аганахьала иԥсахыз аҭагылазаашьеи Урыстәыла аԥшыхәрантә иаауа иазҳаз ашәарҭақәа ирыхҟьаны”.

Норвегиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Урыстәылаҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыхьчара рҭахуп, аха Урыстәыла адипломатиатә миссиақәа аԥшыхәратә активрақәа рынагӡаразы ахархәара алшара рнаҭом”.