Германтәылеи, Польшеи, Швециеи хҩык аурыс дипломатцәа алырцеит
Германтәылеи, Польшеи, Швециеи хҩык аурыс дипломатцәа алырцеит

Германтәылеи, Польшеи, Швециеи хҩык аурыс дипломатцәа алырцеит. Ари аинформациа аладырҵәеит зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистррақәа.

Урҭ ишаарыцҳаз ала, дара абри аӡбара рыдыркылеит Урыстәылантә европатәи адипломатцәа ралцара иаҭакны.

Ишыжәдыруа ала,  Евроеидгыла адәныҟатәи аполитикатә усбарҭа анапхгаҩы Жозеп Боррель визитла Москва даныҟаз, Урыстәыла анапхгара хҩык европатәи адипломатцәа  атәыла иалырцан, ишырҳәаз ала,  Германтәылеи, Польшеи, Швециеи рдипломатцәа Урыстәыла аиҳабыра ирҿагылаз амитингқәа ирылахәын.