Нина Тибилашвили  аколиаскақәа рыла аҳәеилышьразы Адунеи ачемпионатаҿ аџьазтә медаль лгеит
Нина Тибилашвили  аколиаскақәа рыла аҳәеилышьразы Адунеи ачемпионатаҿ аџьазтә медаль лгеит

Қырҭтәыла аҳәса реизга аколиаскақәа рыла аҳәеилышьразы Адунеи ачемпионатаҿ қәҿиарала иқәгылоит. Ачемпионат кореиатәи ақалақь Пусан имҩаҧысуеит.

Цәыббра 2 рзы  Нина Тибилашвили аџьазтә медаль лгеит.

Лара афиналбжаҿы аиталиан  Андреа Мого дылҧылон, аха,  7:15 ҳәа даҵахан, ахҧатәи аҭыҧ аанылкылеит.

Атурнир нагӡахоит цәыббра 5-нӡа.