Никол Ҧашиниани Реџьеп Таип Ердоҕани аҭелтә аиҿцәажәараан аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иалацәажәеит
Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниани Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕани аҭелтә аиҿцәажәараан аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иалацәажәеит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр иаппарат.
Администрациа адыррала, атәылақәа рнапхгаҩцәа атәылақәа рыбжьаара ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара аҵакы иазааҭгылан, ишазгәарҭаз ала, уи арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи арҕәҕәара иацхраауеит.
Иара убас, аларҵәара зауз аинформациала, Iәамахьтәыла аҧыза-министр аҭырқәа лидер Курбан-баирам аныҳәа идиныҳәалеит. Реџьеп Таип Ердоҕан Шәамахьтәыла аҧыза-министр идиныҳәалеит иааиуа аныҳәа Вардавар — Иаса Қьырса иҽеиҭакра аныҳәа.