Ники Ҳеили Колумбиа аокруг аҟны ареспуликатә партиа апраимерис аҿы аиааира лгеит
Ники Ҳеили Колумбиа аокруг аҟны ареспуликатә партиа апраимерис аҿы аиааира лгеит

Ники Ҳеили Колумбиа аокруг аҟны ареспуликатә партиа апраимерис аҿы аиааира лгеит. Апрезиденттә алхрақәа рҿы Ҳеили Дональд Трамп иконкурент зақәа лоуп, лара абжьқәа 62.9% лоуит, Трамп – 33.2%.

“Роитер” аинформациала, Ҳеили ЕАШ аҭоурых аҿы ареспубликатә партиа апраимерис аҿы аиааира згаз актә ԥҳәыс лоуп.

Ҳеили иҟалҵаз аҳәамҭала, уаанӡа дманшәаламызт, аха алхрақәа мап рыцәкра лгәы иҭам.