Ника Мелиа - Қырҭтәыла изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгатәуп
Ника Мелиа - Қырҭтәыла изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгатәуп

“Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ника Мелиа иҟаиҵаз аҳәамҭала, ишьақәгылоу аполитикатә кризис аҭыԥқәҵаразы Қырҭтәыла изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгатәуп.

Ника Мелиа иажәақәа рыла, “Ақырҭуа гәахәтәы” акгьы ҟанаҵом атәыла Евроеидгыла акандидат статус аиурц азы. Убри аҟынтә, изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгатәуп, “Амилаҭтә ҵысра” ари ахықәкы анагӡаразы алшо зегь ҟанаҵоит.

“Атәылауаа ҳхәаԥшышь ирыдаагалоит, урҭ ашьаҿақәа  ҟаҵатәуп арҭ амзқәа рзы Евроеидгыла акандидат статус ҳаурц азы. Ҳҩазцәа ргәаанагарала, аурыс гәахәтәы атәыла анахагылоу, Қырҭтәыла мраҭашәаратәи амҩа ахысит, аурыс ориентирқәа алнахит. “Ақырҭуа гәахәтәы” акгьы ҟанаҵом атәыла Евроеидгыла акандидат статус аиурц азы. ” Ишьақәгылоу аполитикатә кризис аҭыԥқәҵаразы Қырҭтәыла изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгатәуп. Амилаҭтә ҵысра” ари ахықәкы анагӡаразы алшо зегь ҟанаҵоит,” – иҳәеит Мелиа.