Ника Мелиа иҳәамҭала, аиҿцәажәарақәа инеицтәараны, атәылауаҩратә протест азгьы аҽазыҟаҵара иаҿуп
«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа, ҧаса ирҳәоз еиҭарҳәо, «Амилаҭтә ҵысра» ирҿагылоу аҳәамҭақәа рыла аиҿцәажәаратә процесс иаҧырхагахар рҭахуп, — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Ника Мелиа.
Мелиа иажәақәа рыла, аоппозициа аиҿцәажәарақәа рылахәызаара рҭахымызт ҳәа аӡәгьы изыҳәом.
«Аиҿцәажәаратә процесс нагӡахоит, ҳаргьы уи ҳалахәызаауеит, аха, еицтәараны, атәылауаҩратә протест азгьы ҳҽазыҟаҳҵоит», — иҳәеит Ника Мелиа.
Ишыжәдыруа ала, уажәааны имҩаҧгаз абрифинг аҿы Иракли Кобахиӡе ааицҳаит апарламент ишаларгалаз азакәанҧҵаратә аҧсахрақәа рпакет. Уи инақәыршәаны, апарламент адепутат имандат мап ацәызкәа адепутатцәа рпартиақәа аҳәынҭқарратә финансыркра роуам, иара убас, мызкы иалагӡаны апарламенттә аилатәарақәа рахь имнеиуа адепутатцәа аџьаусҧсагьы роуам.
Иара убас, азакәанпроект ала иазҧхьагәаҭоуп аконституциа ала ишьақәыргылоу аҳәарақәа ирышьашәалам аполитикатә лидер дызлоу апартиа алхратә регистрациа аныхра.