Ника Мелиа - Ҳҽырҭынчны, алхырҭақәа рахь ҳаҩналаны ҳабжьқәа ҳахьчароуп, уажәы алхратә штаб аҿы аанхара адезертирра еиԥшуп
Аоппозициаа рыдгылаҩцәа, алхыҩцәа, аоппозициатә партиақәа рлидерцәа зегь рахь ааԥхьара ҟасҵоит, хҽырҭынчны, иашьашәалоу аккредитациа змоу, алхырҭақәа рахь ҳаҩналаны ҳабжьқәа ҳрыхьчароуп, – иҳәеит “Амилаҭтә ҵысра” акынтә Қарҭ ахада иҭыԥ азы акандидат Ника Меоиа аҩбатәи атур ахыркәшара ашьҭахь.
Ника Мелиа иажәақәа рыла, уажәы алхратә штаб аҿы аанхара адезертирра еиԥшуп.
“Иахьа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахаҿсахьа зеиԥшроу иубарҭан. Урҭ агрессорцәа роуп. Иахьа ишаабаз, “Ақырҭуа гәахәтәи” аполитикеи километрқәак рыбжьоуп. Аполитикатә процес аҽалархәра апретензиагьы рымам. Аха рыцәгьауреи, рымчылареи, рметодқәеи рпрокурорцәеи, рполициеи ирыхәмԥшыкуа, аиааира агаразы амч рзымхеит. Иахьа ақырҭуа жәлар роуп аиааира згаз,” – иҳәеит Ника Мелиа.