Ника Мелиа - Ҳара, ҳҽеидкыланы, аимпульстә емоциатә аӡбарақәа мап рцәаҳкроуп
Ҳара, ҳҽеидкыланы, аимпульстә емоциатә аӡбарақәа мап рцәаҳкроуп, ҳтәыла аҧеиҧш еиқәзыршәаша ашьаҿақәа ҟаҳҵароуп, акризис ҳхы иаҳархәароуп алшарак аҳасаб ала, — иҩит «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Ника Мелиа абахҭантә иааишьҭыз иаарту ашәҟәы аҟны.
Иара иажәақәа рыла, Шарль Мишель ибжьацәажәарала иалагаз апроцесс алшара ду рнаҭоит.
«Шарль Мишель ибжьацәажәарала иалагаз апроцесс акризис алҵреи атәыла аҧеиҧш бзиа аиқәыршәареи азы алшара ду ҳнаҭоит. Убри азыҳәан, ҳҩызцәа рыцхыраара ҳхы иархәаны, Қырҭтәыла аҳәынҭқарра аиқәырхара ҳҽазаҳкроуп. Абри ахықәкы анагӡаразы аолигарх имчра ахаҭарнакцәа мраҭашәаратә ҳпартниорцәа иҳабжьарго ашьаҿақәа ҟарҵароуп», — иҩит Мелиа.
Ники Мелиа иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аҿыц алхрақәа мҩаҧганы, акаолициатә еиҳабыра ҿыц илырхроуп.
«Ҳара аҿыц алхрақәа рыла иалхзаауа, ажәлар рыгәрагара зауа, аенергиа ҿыц ала иуадаҩӡоу апроблемақәа рыӡбара зылшо акаолициатә еиҳабыра ҿыц ҳҭахуп. Ҳара зегьы реиҳа иуадаҩыз 30 шықәсатәи ахьыҧшымра апериод ҳахысит, ихьанҭаӡаз ауадаҩрақәа ҳхаагеит, аха, еснагь ҧхьаҟацара наҳагӡон — зны-зынла ашьаҿа хәыҷқәа рыла, зны-зынла еиҭаҧара ду ала», — иҩит Мелиа.