Ника Гварамиа аҳәаанырцәҟа ддәықәлеит
Ника Гварамиа аҳәаанырцәҟа ддәықәлеит

„Аԥсахрақәа рзы акоалициа“ алидерцәа руаӡәы Ника Гварамиа аҳәаанырцә ддәықәлеит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Гварамиа ажурналистцәа ивизит иазкны дырмацәажәеит. Гварамиа иажәақәа рыла, уи Европарламент ашҟа ддәықәлоит.

“Адемонстрантцәа аанысмыжьит, иаҳа ихадоу аус азы Европарламент ашҟа сдәықәлоит”, – иҳәеит „Аԥсахрақәа рзы акоалициа“ алидер.