Нидерланды Адәныҟатәи аусқәа рминистр - Қырҭтәыла аиҳабыра алхрақәа иҿыцны рымҩаԥгара азҵаара иазхәыцроуп, ари аҵак ду амоуп
Нидерланды Адәныҟатәи аусқәа рминистр - Қырҭтәыла аиҳабыра алхрақәа иҿыцны рымҩаԥгара азҵаара иазхәыцроуп, ари аҵак ду амоуп

Қырҭтәыла аиҳабыра алхрақәа иҿыцны рымҩаԥгара азҵаара иазхәыцроуп, ари аҵак ду амоуп, – иҳәеит Нидерланды Адәныҟатәи аусқәа рминистр Каспер Вельдкамп Бриуссель, Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыдәныатәи усқәа рминистрцәа реиԥылара иалагаанӡа.

“Алхрақәа иҿыцны рымҩаԥгара иазхәыцроуп, алхрақәа мҩаԥгаанӡа аибыҳәарақәа рацәан, алхрақәа раан аилагарақәа рацәаны аарԥшын. Сгәы шаанаго ала, Қырҭтәыла аиҳабыра алхрақәа иҿыцны рымҩаԥгара азҵаара иазхәыцроуп, ари аҵак ду амоуп. Нидерланды ақырҭуа жәлар рыдгылоит, ари адгылара наҳагӡоит”, – иҳәеит Каспер Вельдкамп.